АЧАРА ДУ
Ачара ду аилашымҭаз.
Амҳараҿы бжьык аагеит.
Унан иҳахьзеи, аи сыҧсындыз.
Амитә хахьеит, ҳҭаца дцеит.
Аҭахмада, дызҩахаз ацәца
Икьышә ишазыҧшыз аанхеит.
Нас ихәлашәаз ибжьы нацҵан
Шәанаџьалбеит, ҳҭаца дцеит.
(*)Ооо рад ори дара, ооо рада ра
Ооо рад ори дара, раида ра.
Ооо рад ори дара, ооо рада ра
Ооо рад ори дара, раида ра.
Уа изыркьакьоз аркуашага.
Иашәа мҩабжара ицәаҳжәеит.
Уи иаҧсахеит аршанхага.
Амитә хахьеит, ҳҭаца дцеит.
Еицыикәашоз анхәеи абхәеи
Ршьыцәхарҟәа ркьакьаз иаанхеит.
Рлымҳа иҭасыз рыбҕа аархәеит
Аи ҳашҧалшьи, ҳҭаца дцеит.
(*)
Ус уа(ҟа) агәыла аҭаҳмада.
Дахьтәаз ҿааиҭит абас,
Дадраа, ҳҭаца дцеит избанзар.
Илбаз иакуӡам дыззааргаз.
(*)